S
Sputnik Аԥсны
@sputnik_apsny_info565 подп.
42просмотров
7.4%от подписчиков
30 марта 2026 г.
Score: 46
"Адуӡӡа инаиркны узырччо аҟынӡа шьаҿак". Хәажәкырамза 30 1814 шықәсазы аурыс ир зхадараҿы иҟаз, Наполеон иҿагылаз акоалициа аидгылатә ар Париж иалалеит. Аҳҭнықалақь азы аиҿагылара ӷәӷәа 1814 шықәсазтәи Франциатәи акампаниаҿы зегь реиҳа игәымбылџьбарахеит, аидгыларатә ар рзы зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз ируакхеит. Ҽнакала, хәажәкыра 30 рзы, аа-нызқьҩык инареиҳаны асолдаҭцәа ҭахеит, урҭ рахьынтә ф-нызқьҩык инареиҳаны урысқәан. Хәажәкыра 31 ауха Париж абџьар шышьҭанаҵоз азы ашәҟәы анапы аҵанаҩит. Аиқәшаҳаҭра ишаҳәоз ала, афранцыз ар ақалақь аанрыжьыр акәын ашьыжь, асааҭ быжьба рзы. Шьыбжьон, Александр I зхадараҿы дыҟаз аурыс гвардиа гәырӷьарала Франциа аҳҭнықалақь иалалеит. Аимператор агәшаҭара аарԥшы иажәа наигӡеит ақалақь шимырҳәуа ауааԥсыра ахылаԥшра шриҭуа азы. Франциантәи арепарациақәаҵәҟьагьы имгеит. Уи азы Европа "ахақәиҭтәҩы" ҳәа ихьӡырҵеит. Аинтерес зҵоу: "Быстро" акәу "Бистро" акәу? Еицырдыруа алегенда излаҳәо ала, аурыс казақцәа парижтәи аофициантцәа ццакырала рымаҵ руларц азы ирыдырҵон "Быстро!", уи ажәа маҷ-маҷ акаҳуажәырҭатә ҳақәа ирыхьыӡхалеит — "бистро" ҳәа. Аԥшҩы даԥшит. Аурыс фицарцәа ҿарацәа гәахәарыла ирыдыркылон Парижтәи аристократиатә еилазаарақәа рҿы. Европа зегьы аҿы еицырдыруаз аԥшҩы – мадмуазель Ленорман ас еиԥш иҟоу асалонқәа руак аҿы ԥхьаҟатәи адекабристцәа Сергеи Муравиови-Апостоли Павел Пестели акнаҳара шрықәшәоз даԥшит. Ус иагьыҟалеит. Амода ҿыц. Парижнтәи аурыс солдаҭцәа рыԥсадгьыл ахь иааргеит ахымҩаԥгашьа ҿыцқәагьы, атрадициақәагьы, аидеиақәагьы. Иаҳҳәап, акаҳуажәра, иҭацәу аԥаҭлыка астол аҵаҟа аргылара. Александр I иакәзар, франциатәи аҳҭнықалақь архитектура даара игәаԥхеит, уи азы Урыстәылаҟа ааԥхьара риҭеит архитекторцәақәа, Исаакиевтәи аныхабаа авторс иҟалараны иҟаз Монферрангьы уахь дналаҵаны. #social
42
просмотров
1769
символов
Нет
эмодзи
Нет
медиа

Другие посты @sputnik_apsny_info

Все посты канала →
"Адуӡӡа инаиркны узырччо аҟынӡа шьаҿак". Хәажәкырамза 30 181 — @sputnik_apsny_info | PostSniper