46просмотров
8.1%от подписчиков
29 марта 2026 г.
🎬 ВидеоScore: 51
Гагратәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Афырҭын" Краснодар имҩаԥысуаз афестиваль "Аҳаракыраҿы" араӡнытә Гран-прии актәи аҭыԥқәа хԥеи анаршьеит. Ансамбль анапхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Мурат Қриа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, дара х-кәашарак нарыгӡеит: "Аԥсуа жәлар рыкәашара", "Аварцәа рыкәашара", "Аурашьа". "Абарҭ акәашарақәа зегьы рзы актәи аҭыԥ ҳарҭеит. Ахәаԥшцәеи аӡбаҩцәеи даара ибзианы ҳарыдыркылеит. Ансамбль абжьаратәи агәыԥ роуп иқәгылаз", — ҳәа иҳәеит иара. Уаанӡа иаарыцҳахьан аџьаз Гран-прии, иара убас актәии аҩбатәии аԥхьахәқәа шранаршьаз Аҟәатәи ансамбль "Уарада". Афестиваль Аԥсны адагьы, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи агәыԥқәа алахәын, урҭ шә-номерк инареиҳаны иқәдыргылеит.